Аҭоурыхтә ҵакы змоу азхаҵара амш

Жәаха- шықәса раԥхьа нанҳәа 26 рзы, Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа.
Sputnik
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазхьаԥшны, ООН Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти егьырҭ ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа
Абас ала инаӡеит ҳажәлар акыр шықәса иззыԥшыз ргәазыҳәара. Ари аҽны зқьҩыла ауааԥсыра амҩадуқәа рахь ицәырҵит згәырӷьара ҳәаак амамыз, уи арҵабыргуан рышәаҳәареи рыкәашареи. Аҟәа ахақәиҭра ашҭаҿы Аԥсны анапхгара ҳтәыла иқәынхо зегьы ирыдырныҳәалеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара.
1 / 11
Нанҳәамза 26 Аҟәа ахақәиҭра ашҭаҿы, Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара анрыланаҳәа ашьҭахь.
2 / 11
Аҟәа ахақәиҭра ашҭаҿы хыԥхьаӡара рацәала ақалқь ауааԥсыра еизеит.
3 / 11
Аԥсны жәлар ахьыԥшымра азхаҵара рыдеиныҳәаларц ахақәиҭра ашҭахь дааит Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь.
4 / 11
Аҟәа иаланхо ауааԥсыра ргәырӷьара ҳәаак амамызт.
5 / 11
Ахақәиҭра ашҭаҿы хәыҷи - дуи зегьы кәашон.
6 / 11
Ахьыԥшымра азхаҵара шықәсы рацәа иазықәԥон аԥсуа жәлар.
7 / 11
Аԥсуа жәлар рхьыԥшымра рыларҳәахьан 1993 шықәсазы аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира анырга ашьҭахь.
8 / 11
Нанҳәа 26 2008 шықәсазы инаӡеит ҳажәлар акыр шықәса иззыԥшыз ргәазыҳәара.
9 / 11
Иара убас ари амш аҽны ахьыԥшымра азхаҵара Аахыҵ Уаԥстәылагьы иазгәарҭон.
10 / 11
Згәырӷьара ҳәаак амамыз зықьҩыла ақалақь ауааԥсыра амҩадуқәа рахь ицәырҵит шәаҳәарыла кәашарыла.
11 / 11
Сергеи Багаԥшь, Дмитри Медведев, Едуард Кокоиты, Кремль Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ахьԥшымра азхаҵара анроуз амш аҽны.