Арадио

Џьыкырԥҳа Баҭал Гәынба изы: ԥсабарала иҭынчыз, аха ихатәраз, иҵаулаз, адырра ду змаз уаҩын

COVID-19 иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит С. Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи адиректор Баҭал Гәынба. Амузеи аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Гәыгәыца Џьыкырҧҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит Баҭал Гәынба еснагь аԥсҭазаараҿы инапы злакыз зегьы аԥсуара шырхыҳәҳәоз.
Sputnik
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.