"Аԥсуаа ҳҟны асакәмал ахҵара, акәиц ацәашьы ақәҵара аҵак ду амоуп. Ииашаҵәҟьаны Ҳазшаз игәаԥхоит ҳәа сыԥхьаӡоит, избанзар Ҳазшаз аџьшьара ирҭоит, иҭабуп ҳәа иарҳәоит, имҵахырхәоит, иҳәоит. Нанҳәа - Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара, аамҭалатәи лыдунеи аԥсахра ауп, ахымш рзы лцәагьы-лыжьгьы ыҟамкәа жәҩангәашәԥхьара ихалоит. Ауахәамаҟны ауаа неиуеит, ацәацқьа иалху ацәашьқәа рбылуеит. Ацәашьы лаша-лашауа ибылуеит. Убас дыҟазароуп ақьырсиангьы: ҳхазы адәы ҳақәымзароуп, ҳҩызцәа, ҳауацәа, ҳҭахцәа рзы ҳаҟазароуп. Цхыраарала, бзиабарала ҳҩыза ҳихәо ҳаҟазароуп. Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.