Арадио

Гәымба Риҵа иху ашхәа иаԥсҭазаашьоу атәы еиҭеиҳәеит

Аӡиа Риҵа иху ашхәа иаԥсҭазаашьоу, уи ала аныҟәарақәа шеиҿкаау, мышкы иалагӡаны шаҟаҩы аднакыло атәы арадио Sputnik аефираҟны еиҭеиҳәеит ақаԥдан Рашь Гәымба.
Sputnik
Аԥсуаа ажәытә реибашьыга шхәа еиҭашьақәыргылан, асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа архивтә сахьақәа ихы иархәаны иҭихыз аҵәаӷәанҵақәа рыла Петрозаводск, аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵарала. Ашхәа Аԥсныҟа иааганы аӡиа Риҵа ихҵан нанҳәа 5 азы. Убри аахыижьҭеи аҭыԥантәи Аԥсны ауааԥсыра реиԥш атуристцәагьы алшара рымоуп ашхәа инҭатәаны аӡиа ихыларц.
"Ашьыжь асааҭ фба рзы ҳгыланы ашхәа ҳрыцқьоит, аҭыԥ иқәаҳҵоит асасцәа ҳадаҳкыларазы, асааҭ 8 рзы аусура ҳҭыҵуеит. Ашхәа аҭоурых, аҵакы атәы рзеиҭаҳҳәоит. Даара ргәы иаахәоит ауаа", - иҳәеит Гәымба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.