"Дӷамшь аӡиас алеишәа цәгьоуп, ашьхантәи иаауеит, ианхыҵлак даара иаҳԥырхагахоит. Абыржәы амшцәгьаан ҳацҳа ахы жәабаҟа-жәохәҟа метра аӡәӡәеит. Аиҳабыра рахь ақыҭа ахада адырра ҟаиҵан, иахәаԥшит. Ахаҳә ықәыԥсаны иҟарҵеит, аха ишаҿыз знык, ҩынтә иагеит. Уажәы, аамҭала акәхап, ахаҳә ҭаԥсаны инрыжьит. Даҽазнык аӡхыҵра аныҟала, иҵегьы аҽарҭбаауеит. Уажәы ԥшь-ҭӡак нхоит, аха усҟан иаҳа еиҳан ацҳа зхы иазырхәоз. Амҩаду ҳамацара ҳакәӡам зхы иазырхәо, ажәлар ықәсуеит арахә, аарыхра змоу ыҟоуп, ауа-аҭынха збо. Амш аныцәгьахалак, ҳҭагылазаашьа даара ибааԥсуп. Аҳәынҭқараа аҭыԥ иқәрымҵозар, ҳара ҳамч зықәхо акәым", - иҳәеит Лагәлаа.
Шәазыӡырҩы аудио.