Шәача ашоура бааԥс ҟалараны иҟоуп, ауаа амра ицәымларц рабжьыргеит

Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асааҭ 12:00 инаркны 18:00 сааҭ рҟынӡа амра ицәымларц рабжьыргоит ашоура цәгьа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Шәача ауаа ргәы рҽанырҵоит ашоура бааԥс инамаданы рхы гәарҭаларц, абри атәы ҳәоуп ақалақь ахадара асаит аҟны.
"Аҳауагәаҭаҩцәа иаадырԥшуа агәҽанызаара инақәыршәаны, нанҳәа 28-и адырҩаҽны хәылбыҽханӡеи Шәача ақалақь иахьаҵанакуа аҳауаԥхарра 36-37 градус рҟынӡа ", - ҳәа аҳәоит адырранҵа.
Уажәазы Шәача амш еилгоуп, даара ишоуроуп.
Агәыхь змоу, зшьақәыӷәӷәара ҳараку ауаа адәахьы идәылымҵырц рабжьыргоит, амрахь ицәырымҵыр ада ԥсыхәа ыҟамзар, рхы рыхьчароуп, аӡи ахәшәқәеи рымазароуп, аӡыхь аҿы рыҽдырхьшәашәалароуп.