Ашәахьа Шәача 37 градус ишоурахоит

Уаанӡа Шәача ирылырҳәахьан нанҳәа 29 ахәылбаҽханӡа амра ицәымларц, ашоура бааԥс ҟалараны иҟоуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә АҶА аусбарҭа хада, ауаа амра ицәымларц рабжьыргоит ашәахьа нанҳәа 30 рзы иҟало ашоура бааԥсқәа рзы.
Адырра шыҟоу ала, ҽынлеи ахәылбаҽхеи Шәача иахьаҵанакуа аҳауа аԥхарра акыр ишьҭыҵуеит, ҭыԥқәак рыҟны 36-37 градус рҟынӡа ишоурахоит", - аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Иҟалом аҳацкьын ҩақәеи аҵлақәеи рзааигәара амцеиқәҵара. Иара убас ауаа ирабжьыргоит асааҭ 12 инаркны 18 сааҭ рҟынӡа амра ицәымларц, агәы-шьадатә чымазара змоу зынӡа ари аамҭазы адәахьы идәыламҵырц.