Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Харчлаа Аҟәа ақалақьтә еизара абызшәазы азакәан шынанагӡо

Аҟәа ақалақьтә еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит адепутатцәа Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа ишацхрааз, иара убасгьы аилатәарақәа аԥсышәала ишымҩаԥырго атәы.
Sputnik
"…Ҳбызшәа шымариам зегьы иаҳдыруеит. Ушыхәаҷу ианузгәнымкыла, нас уаныҩеидаслак, аҵара цәгьоуп. Ус шакәугьы ҳаилатәарақәа зегьы аԥсышәала иааҳартуеит, амшхәаԥштә ԥсышәала ҳалацәажәоит, аха аизара иалахәу аԥсшәа ззеилымкаауа ыҟоуп. Уи иахҟьаны ҳаилатәарақәа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥсышәала иаҳзымҩаԥгом, аха шьаҿа-шьаҿала иҳамоу аамҭа иацаҳҵоит", - иҳәеит Харчлаа.
Шәазыӡырҩы аудио.