Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цәыгәба Аҟәа араион ашәырааӡара иазкны

Аҟәа араион аҿы иҟоу анаплакы "Аԥснытәи абаҳчақәа" ахаҭарнак Атилла Цыгәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иарбан шәырхкқәоу ирааӡо, насгьы уи аус рнапы шаларкыз атәы.
Sputnik
1500 шьапы амандарин еиҭаҳаны ирымоуп, 1000 шьапы абҳәа, 300 шьапы – алимон, 1000 шьапы – афеихоа. Ашәырқәа зегьы хәыҷы-хәыҷла аҽаҩра аанашьҭхьеит. Макьана Аԥсны аҩнуҵҟа аџьармыкьаҿа ирҭииуеит, аха аԥхьаҟа ргәы иҭоуп Урыстәылаҟа ирышьҭларц.
"Абҳәа ҿыц аҽаҩра аанашьҭит. Сынтәазы макьана ҩ-тоннак роуп иҳаухьоу. Арҭ ашәырхкқәа ҳадгьыл ианаалоит ҳәа ауп изалхыз. Ҩыџьа агрономцәа иҳамоу урҭ хылаԥшра рырҭоит. Ашәырхкқәак реиҭаҳатә Ҭырқәтәылантәи иааган, урҭгьы  араҟа ианаалеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цәыгәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.