Арадио

Аҩӡԥҳа Роза Дбарпҳа лзы: аԥарԥалыкь еиԥш даҳхаԥыруан есымша, зегь ртәы лара илдыруан

Зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр актриса, Аԥсни Адыгеиеи зҽаԥсазтәыз артистка Роза Дбарԥҳа дылгәалалыршәеит арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Тома Аҩӡԥҳа.
Sputnik
"1970 шықәса аахыс зегьы ҳаицуп. Агәыԥ аҿы 13-ҩык иҟаз аинститут ҳашҭалаз еиԥш ҳаицалгеит. Цәгьалаҵәҟьа зегьы абзиабара, аиҩызара ҳабжьан. Роза аԥарԥалыкь еиԥш даҳхаԥыруан, зегь ртәы лара илдыруан. Ҳгәы иалоуп абри аамҭа дахьалаӡыз, иаҳҭаху ҳзымҳәо, иаҳзымуа, ҳазхарагьы даҳзымҵәыуа…
Лара, раԥхьатәи ашықәсқәа рзы Нелли Ҭарԥҳа лпиеса "Амра аԥҳа" дыхәмаруан. "Цилиндр" аҿы уажә ааигәа Бетинна лроль налыгӡон, "Самоубийца" аҿы Маша лроль дыхәмаруан, дахьыҟазаалакгьы дыцқьан, ауаҩы дизааигәан, есымша лылаԥш ҳхызар акәын", - ҳәа дылгәалалыршәеит Аҩӡԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.