Аԥшатлакә "Ида" адунеи аҿы иреиҳаӡоу аӡиас дуқәа ируаку Миссисипи ахьышьҭрахь иаргьыжьит

Америка ахада Џьо Баиден аштат Луизианаҿ аԥшатлакә "Ида" иахҟьаны аԥсабаратә рыцҳара ҟалеит, ааха зауыз ацхыраара рҭахуп ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Алада америкатәи аштат Луизиана иқәгьыжьыз аԥшатлакә "Ида" аӡиас ду Миссисипи ахьышьҭрахьҟа иаргьежьит ҳәа ателеканал CNN иазааицҳаит ЕАА Агеологиатә маҵзура агидролог Скотт Перьен. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Зеиԥш ҟамлацыз" аԥсабаратә цәырҵра аҵарауаа сааҭк ала 240 километра аццакыра змаз аԥшаӷьы иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
"Аӡы аиасра шьшьылаҳахеит секундк аҩныҵҟа ҩ-футк (0,6 метра) рҟынтәи футк абжанӡа (0,15 метра) ашьҭахьҟагьы игьыжьит", - ҳәа иҳәеит Перьен.
Аҵарауаҩ иҳәеит аӡцара аҽеиҭакра 16 шықәса раԥхьагьы ишибахьаз, аԥшатлакәа "Катрина" аан. Усҟан иҭахеит 1,8 нызқьҩык ауаа, аԥхасҭа ҟалеит 125 миллиардо доллар рыхә.
Иҟоу аҩаӡарақәа хәба рҟынтәи аҩбатәи аҩаӡара зманы иршьаз аԥшатлакә амҽышаҽны Луизиана иалагьыжьит. Аԥша аӷьыра сааҭк ала 165 километра инаӡон. Ақалақь ду Орлеан Ҿыц лашарада иҟоуп. Иҭахаз ҳәа аӡәы иӡбахә ҳәоуп.