Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәарҷелиаԥҳа Аԥсны аҵарадырра иацу ауадаҩрақәа ирызкны

Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апандемиа аамҭазы аҵарашықәс алагара азҵаара аӡбара аус шцоз, насгьы иахьа аҵарадырра асистема иамоу ахьысҳарақәа ртәы.
Sputnik
"Аҿкы чымазара анҳалал инаркны ҳаԥсҭазаара даара аҽаԥсахит. Аҵаратә системагьы ианыԥшит. Ҵыԥх зны ҳалаган аҵара, аха нас акарантинтә режим ахь ҳаиргеит. Сынтәа ачымазара атәы иаҳа иаадыруеит, иаҳа иҭҵаауп. Ҳаргьы ҳашьцылашәа ҳаҟоуп. Асанитартә нормақәа ҳрықәныҟәаны ҳалагароуп аҵара. Аҵарашықәс алагара азҵаара даараӡа ицәгьан, аимактәгьы ҳаман, аха зегь дара роуп, ҳара ҳзықәныҟәоз, агәыбзиарахьчара аминистрра ақәҵароуп. Еснагь аҳәара ҟаҳҵон иҳарҳәартә ашколқәа анаарҭхо, ауаа ҳадҵаалон", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Иара убас Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ еиҭалҳәеит иахьатәи аҵаратә система иамоу ауадаҩрқәа ртәы, уи ҳаамҭа иашьашәаланы аҟаҵара атәы шылбо.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.