Арадио

Кәыбраа арҵаҩцәа COVID аҟынтә алаҵа рзыҟаҵаразы: рацәак ирҭахым

Аҟәатәи 13-тәи ашкол аиҳабы Лариса Кәыбраа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аӡхыҵра ашкол ианаҭаз аԥхасҭа ашьҭахь аҵаратә процесс алагара иахьынӡазыхиоуи, арҵаҩцәа COVID аҟынтә алаҵа аҟаҵара ишазыҟоуи атәы.
Sputnik
Нанҳәа 15 - 16 рзы Аҟәа ақәаршҩы ӷәӷәа леит, аҳҭнықалақь агәы, Турбаза араион, амҩақәа аԥхасҭа ӷәӷәа роуит.
"Иахьынӡалшоз ашкол аҩныҵҟа рыцқьоуп, ашҭагьы убас. Аҩнымаҭәа аҟынтә ибжьысыз арҵаҩцәа рыстлоқәеи ашколтә маҭәахәқәа зҭарҵоз ашкафқәеи роуп. Ибжьысит ҳдокументқәагьы. Уажәы аҵарашықәс алагаразы актәи аихагылаҿы иҟаз аклассқәа ааныжьны аҩбатәии ахԥатәи аихагылахь ихаҳгалеит, аҵаратә процесс алагаразы аҭагылазаашьа ҳамоуп. Иҳагу амаругақәа рзы асиа еиқәыршәаны аҵара усбарҭаҿы иҟоуп, ҳазыԥшуп ианҳауа ҳәа. Егьыс, ахәыҷқәа зхаҳартәо апартақәеи аҟәардщқәеи еиқәыршәаны иҳамоуп. Адокументқәа ракәзар, урҭ зегьы ҿыц еиқәыршәаны иҟаҵатәхоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәыбраа.
Ашкол аиҳабы лажәақәа рыла арҵаҩцәа абжеиҳараҩык COVID - ачымазара рхыргахьеит, иахьазы аӡәгьы имаӡам, ҳәа азгәалҭеит лара. Убри аан илҳәеит, арҵаҩцәа рахьынтә алаҵа ҩыџьа заҵәык шраку иҟазҵахьоу, егьырҭ рацәак ирҭахым, ҳәа азгәалҭеит.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәазыӡырҩыр ҟалоит: