Цәыббра 19 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥысуеит

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭараз Урыстәыла атәылауаа Аԥсны иахьаҵанакуа ирзеиҿкаахоит алхырҭатә ҭыԥқәа жәба.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥыргоит цәыббра 19 азы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа.
Мандатктәи алхырҭатә округқәа ирыдҳәалоу абжьыҭаратә ҭыԥқәа аадыртуеит: Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдауҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал. 
Абжьыҭара мҩаԥысуеит цәыббра  19 асааҭ 08:00 - 20:00 рзы. Абжьыҭаразы урыстәылатәи аҩныҵҟатә ма аҳәаанырцәтә паспорт умазароуп.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа хәышықәса аҿҳәара рыманы иалырхуеит еилаԥсоу асистемала: 225-ҩык адепутатцәа апартиатә сиақәа рыла, даҽа 225-ҩвк – мандатктәи аокругқәа рҟынтәи.