Урыстәылатәи атуристцәа Ашықәс ҿыц азы апутиовкақәа раахәара иаҟәыҵит

Аԥхын анҵәамҭазы аковидҿагыларатә ԥкырақәа ирхырҟьаны Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аԥсшьараз анхарҭақәа заанаҵы рҿаҵара 20-30% рҟынӡа аԥыхуеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа Ашықәс ҿыц азы апутиовкақәа раахәара иаҟәыҵит ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе.
Апандемиа аамҭазы Шәача хәмиллион-ҩык инарзынаԥшуа атуристцәа аҭааит
Ломиӡе илҳәеит Шәачеи Гәыбаадәи рҿы аԥсшьаразы ҿаҵарақәак шыҟоу.
"Арегионқәа рҿы аамҭа-аамҭалатәи локдаунқәа рыҟалареи аԥкырақәа ралагалареи атуристцәа  дыршәеит, ԥхьаҟазы заанаҵы аҿаҵарақәа рымҩаԥгарагьы иаҟәыҵит", - ҳәа лҳәеит лара.
Ломиӡе илҳәеит жьҭаарамзазы  аҿаҵарақәа ҟалар шрылшо.
"Ҳақәгәыӷуеит атәылаҿы  аколлективтә иммунитет ҟалап ҳәа, аԥкырақәа рыԥсыҽхап ҳәа атәыла аҩныҵҟеиԥш анҭыҵгьы", - ҳәа азгәалҭеит Ассоциациа ахада.
Лара иазгәалҭеит аԥкырақәа атуризм аусхк ишаԥырхагоу.