Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шамԥҳа апандемиа аамҭазы аҵарашықәс ҿыц аиҿкаара иазкны

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Хьыбла Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит арҵаҩцәа иҳаҩсыз аҵарашықәс абжамҽамхара иахҟьаны ирызцәырнагаз ауадаҩрақәеи, насгьы уи ахарҭәаара иахьынӡазыхиоуи атәы.
Sputnik
"Ахәыҷқәа рҿы аус анууа есымша ухы аус адуллароуп, аха техникала уеиқәшәамзар, уи залыршахаӡом, егьа иуҭаххаргьы. Гәыла-ԥсыла иаҭахоззар, ҳазыхиоуп онлаинла аҵаратә процесс анагӡара, аха техникала ҳазыхиаӡам", - ҳәа еиҭалҳәеит Шамԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.