Москватәи аҳәынҭқарратә университет Урыстәыла иреиӷьу ҵараиурҭаны аӡбахә рҳәеит

Сынтәа аҭҵаарақәа рыҽрыладырхәит 60 рҟынӡа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа, урҭ рҟынтәи 12 раԥхьаӡа акәны.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет Урыстәыла аҵараиурҭақәа иреиӷьханы, адунеи аҿы 158-тәи аҭыԥ ннакылеит THE World University Rankings 2022 ареитингтә версиала ҳәа аҩуеит РИА Новости.
МГУ ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны иугозар, апозициақәа еиӷьнатәит.
Москватәи аҳәынҭқарратә университет иреиӷьу аҵараиурҭақәа рреитинг иаҵанакит
Аҩбатәи аҭыԥ ареитинг аҿы ианашьахеит Москватәи афизико-техникатә институт, 201-250 агәыԥ иаланы. Анаҩс –  Санкт-Петербургтәи аполитехникатә университети Аекономика иреиҳаӡоу ашколи, агәыԥ  301-350 иаланы.
Иара убасгьы иреиӷьқәоу ирхыԥхьаӡалоуп Амилаҭ-ҭҵааратә иадертә университет "МИФИ", Санкт-Петербургтәи ашьхатә университет, агәыԥ 401-500 иаланы.
Адебиутантцәа рыбжьара ахәшьара ҳаракқәа роуит Г.В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи аекономикатә университети Донтәи аҳәынҭқарратә техникатә университети, агәыԥ 501-600 иаланы.
И.М. Сеченов ихьӡ зху ауниверситет акоронавирус иадҳәаланы имҩаԥнаго аҭҵаарақәа рыла, арбагақәа шьҭнахит хынтәны: 8,5 аҟынтәи 28,9 аҟынӡа.