Абиткоин ахәԥса 51нызықь доллар ихалеит

2021 шықәса анҵәамҭанӡа абиткоин ахәԥса 75 000 доллар рҟынӡа ихалар ҟалоит ҳәа азыԥхьагәаҭарақәа ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Абиткоин ахәԥса лаҵарамза 13 аахыс раԥхьаӡа акәны 51 000 доллар ихалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ашықәс нҵәаанӡа абиткоин ахәԥса 75 нызықь доллар аҟынӡа ихалоит
Акриптовалиутақәа рыла иахьыхәаахәҭуа абиржа Binance аҿы абиткоин асааҭ 0:12 азы 3% ихаланы 51 596 доллар артәеит, апортал CoinMarketCap, 20 биржа рҟны ахәԥсақәа ҭҵааны иазгәанаҭеит абиткоин 2,96% ихаланы 51 612 доллар шьақәнартәеит ҳәа.
Абиткоин лаҵарамзазы ахәԥса 57,5 нызқь доллар аҟынтәи 37,3 нызқь рҟынӡа илаҟәит. Аамҭақәак рышьҭахь абиткоин 38 000 доллар иазыхынҳәит, аха нас еиҭах алаҟәра иалагеит.
Абиткоин аҭоурыхтә рекорд – 64,85 000 доллар мшаԥымзазы иҟан.