"Ақыҭақәа рымҩақәа 25-30 шықәса ҵуеит иҟарымҵеижьҭеи, анхацәа аҳәара ҟарҵеит Гал араион ахадарахь. Ари амҩа ауааԥсыра рзы мацара адагьы, ақыҭанхамҩа аарыхра аганахьалагьы кыр аҵанакуеит, аиҭанеиааира маншәлахартә еиԥш аҟаҵара азыӡбан. Ақыҭақәа аладатәи аган иатәуп, уаҟа адгьыл каршәрақәа рацәоуп. Амҩа араионтә биуџьет ала иҟаҵоуп. Уа инхоз ақыҭауааагьы ацхыраара ҟарҵеит, Амҩатә фондгьы рлагагала ыҟоуп. Акаҭран ықәырҭәаӡам, аха амашьынақәа рынеи-ааиразы иманшәалоуп. Ас еиԥш аусурақәа мҩаԥгахоит егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы – Лада Барӷьаԥ, Ҩада Барӷьаԥ", - иҳәеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.