"Аԥсны ажурналистцәа реидгыла аҵыхәтәантәи хәышықәса аусура иалагӡаны еснагь иашьҭан Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш аҳәаанырцәгьы ҳара ҳколлегацәа аус рыцура, дара ирымоу алшарақәа ҳара ҳаҩнуҵҟа ахархәара рзура. Уи иалҵшәоуп жәларбжьаратәи амедиаклуб "Формат-А3" дареи ҳареи ҳусеицуразы ҳгәы иҭоу апроект. Ари зымҽхак ҭбаау, аԥышәа змоу 10 шықәса инарзынаԥшуа ажурналисттә еилазаараҿы аус зуа клубуп. Раԥхьаӡа иргылан ари Урыстәылеи, уи анҭыҵгьы дара аус зцыруа аполитикцәеи, ажурналистцәеи, аҵарауааи апроект адыԥхьалара, хықәкыла урҭ Аԥсны рааԥхьара, аԥсуа журналистцәеи дареи реиԥыларақәа аиҿкаара. Адунеи аҿы имҩаԥысуа, Кавказ, иара ҳара иааҳаԥхьо асас наукала иҭиҵаауа ахырхарҭала, Аԥсны ажурналистцәеи дареи аиқәшәарақәа реиҿкаара, аиҿцәажәарақәа ранҵара, аинформациа ахәаԥшцәа, аԥхьаҩцәа рзы аиқәыршәара, аиҿкаара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.