Арадио

Ҟәыруа еиҭеиҳәеит абылтәы зҭоу авагонқәа Аԥсныҟа рааразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Аилахәыра "Аԥснытәи аихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит абылтәы зҭоу авагонқәа раара амҩа ақәхара зыхҟьо, насгьы уи аус ишацклаԥшуа атәы.
Sputnik
"Урыстәылантәи амшын ҭалара иаауа аԥсшьацәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп, убри аҟнытә акыр иацлеит адәыӷбақәа рныҟәарагьы. Аихамҩа аусураҿы ауаа зҭоу адәыӷба аамҭакихшала  аҭыԥ ахь инеиуеит, иагхар ҟалаӡом. Аха убри аан аихамҩа алшара шыҟац иҟоуп, аидара зқәу адәыӷбақәа астанциақәа рҿы иԥшуп лшарак ҟалозар ҳәа. Абылтәы аара аус азы ҳара еснагь ҳазҿлымҳауп.
Ҳаимадоуп Урыстәылатәи аихамҩа аусузуҩцәеи ҳареи. Еилаҳкаауеит абылтәы зҭоу иахьа иахьыҟоу. Абылтәы Аԥсныҟа иаагеит ҩымш раԥхьа, 27 вагон ҭалеит ақәхра иаҿуп. Даҽа 36 вагон ааихьеит. Иааидкыланы 65 тонна вагонк аҿы иакуеит. Аԥсныҟа иаараны иҟоуп 150 вагон рҟынӡа, дара амҩа иқәхар ҟалоит. Иааигәаны игылоу ҩымш-хымш рышьҭахь иҭалароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҟәыруа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.