Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз афранцыз актер Жан-Поль Бельмондо

Артист деицырдыруа дҟалеит афильмқәа "Профессионал", "На последнем дыхании", "Безумный Пьеро", "Сирена с "Миссисипи" уҳәа егьырҭ рҿы инеигӡаз арольқәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. 89 шықәса дшырҭагылаз аԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз афранцыз актиор Жан-Поль Бельмондо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура  Франс Пресс адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Актиор деицырдыруа дҟалеит афильмқәа "Профессионал", "На последнем дыхании", "Безумный Пьеро", "Сирена с "Миссисипи" уҳәа егьырҭ рҿы инеигӡаз арольқәа рыла.
2001 шықәсазы адабла анис ашьҭахь Бельмондо иусура даҟәыҵит, аха 2008 шықәсазы Франсис Иустер ифильм  "Человек и его собака" аҿы дыхәмарит. 2015 шықәсазы алаҳәара ҟаиҵеит акино аҿы икариера шыхиркәшаз азы.