"Иахьазы гагратәи ПЦР- лабораториа аусура ишахәҭоу еиԥш еиҿкааны иҟоуп. Уахыки-ҽнаки 100-ҩык рҟынӡа аҭҵаарақәа рышьақәыргылара ҳалшоит. Иахьазы ҳаизибархартә ҳаҟоуп аусзуҩцәа рылагьы. Бжьаратәла ҽнак 50-70 рҟынӡа аҭҵаарақәа мҩаԥаагоит.
Иҳадаҳкылоит араион зегьы аҟынтәи анализқәа. Урҭ ҳара алабораториаҿы иаҳгаӡом, иҟоуп агәыԥ хазы ПЦР зго, ҳара иаҳуалу, аҭак аҟаҵароуп. Аҭыԥан ҳара аӡәгьы дҳадаҳкылаӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.