Владимир Путин Зиничев данҭаха ашьҭахь Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихиҵеит

Евгению Зиничев 55 шықәса ихыҵуан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрс дҟаҵан 2018 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Евгени Зиничев данҭаха ашьҭахь Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихиҵеит ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
"Имаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.
Зиничев дҭахеит Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы акинорежиссиор Александр Мельник еиқәырхараан. Мельник АҶА аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуаз днеит афильм ҿыц аҭыхразы. Иаргьы дҭахеит.
Ахәаша Москва Зиничев абзиараз ҳәа иарҳәоит, аԥсыжра мҩаԥгахоит иқалақь гәакьа Санкт-Петербург аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: