Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Воуԥҳаи Кәыҵниаԥҳа арҵаҩцәа рыбжьара алаҵа аҟаҵара иазкны

Аҟәатәи актәи абжьаратә школ арҵаҩы Ельза Кәыҵниаԥҳаи агәабзиарахьчаразы Аҟәа ахадара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит арҵаҩцәа рыбжьара алаҵа аҟаҵара, уи аус шцо атәы ахҳәаа араҭеит.
Sputnik
Агәабзиарахьчаразы Аҟәа ахадара аусбарҭа аиҳабы лажәақәа рыла, иахьазы "Спутник Лаит" рзыҟаҵоуп 1200-ҩык инареиҳаны, ақалақь иаҵанакуа амедицианатә усбарҭақәа рҿы.
"Арҵаҩцәа ракәзар, "Спутник V" анҳамаз аҵара аусбарҭа аҟынтә иҳауит асиа арҵаҩцәа рыбжьара алаҵа ҟазҵар зҭаху. Алаҵа анҳауа дара хаҭала ҳрыԥхьан ирзыҟаҳҵеит. Усҟан 20% арҵаҩцәа алаҵа роуит. Уажәы алаҵа рзыҟаҵатәуп ҳәа анырҳәа, даҽа сиак ҳаураны ҳаҟоуп. Ашәахьа нахыс ҳалагараны ҳаҟоуп "Спутник Лаит" арҵаҩцәа рзыҟаҵара", - ҳәа еиҭалҳәеит Воуԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.