"Аӡымҩангага Хыԥсҭа-Гәдоута здиаметр 500 ыҟоу ԥжәеит. Еиҳарак џьабаас иҟалаз аҭыԥ аԥшаара цәгьахеит. Аӡы ахала ицоит. Уи амч амаӡам, абжьааԥны еиԥш аҩада икылсӡом. Уи адагьы Хыԥсы ааскьан иара аӡымҩангага иахысны ицоит, аӡы аҵа аԥшаара цәгьахеит.
Уажәы аӡы цқьахеит, уи алагь иҳаԥшааит аӡы ахьыцәцо. Аӡиас ииагатәхеит даҽа ганхахьы, аусурақәа рҿы иаҳԥырхагамхартә еиԥш. Уи иацынтәарак ҳаҿын. Иахьа ԥырхага ҳмоур, аусурақәа ҳалгоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Леиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.