"Афестиваль амҩаԥгара анаԥшьаҳга, иҳаӡбеит аиха абџьар злырхуа аханатә инаркны, абџьар ҟалаанӡа изхысуа аусмҩаԥгатәқәа зегьы ауаа дырбара. Иаҳдыруа ыҟоуп, иаҳхашҭыз еиҭашьақәыргыланы аҟаҵара ҳаӡбеит. Убриа ҟнытә амаден аҵхразы аекспедициақәа ҩба еиҿкаан.
Актәи мызкы бжаки раԥхьа имҩаԥаагеит, аҩбатәи арҭ амшқәа рзы ихыркәшан. Аекспедициақәа даара иманшәаланы имҩаԥысит, амаден ахьыҵыз ҳаԥшааит ашьхантә илбааҳгеит. Ахаҭабзиара агеологцәа идҳарбан даара ибзиоуп ҳәа ҳарҳәеит. Алҵшәагьы бзиахеит, зегьы машәырда имҩаԥысит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ӡиӡариа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.