Аԥсуа анхашәа-чашәаҿ ихы иаирхәоз амаҭәарқәа Бзыԥтәи аҩхааҿ рхатә ҭыԥ шааныркылаз

Бзыԥ аҩхааҿы иҟоу ақьафурҭа аҩнуҵаҟа еиҿкаауп ахатәы музеи. Арахь иааиуа асасцәа ирзеиҭарҳәоит аԥсуаа ҳҵас-ҳқьабз, ҳанхара-ҳанҵыра уҳәа ҳабзазашьа иадҳәалоу зегьы.
Sputnik
Бзыԥтәи аҩхааҿ иҟоу "Аԥсуа иашҭа" уанынҭалалак, иаразнак улаԥш нарықәшәоит жәытәнатә аахыс хҵас-ҳқьабз шьаҭас измоу, иахьа ажәытәра иагарц згәы иҭоу, аха уи еиқәырханы , еиҷаҳаны иӡыргоу аԥсуа жәытә нхаратә мыругақәа.
Араҟа иҟоуп: ауардын, акалаҭ хәыҷқәа, амҵышә хәыҷқәа, ачана,  иахьа ахархәара змам аеҳәа, акәапеи, ажәытә уанҭа, абҩатә чуанқәа. Иара убас аԥсуа инхара инҵыра зегь ахьаарԥшу амакьет. Араҟа игылоуп акәаскьа инаркны акәтҵара аҟынӡа анхаҩы имаз ахыбрақәа зегьы.
Арахь иааиуа хыԥхьаӡара рацәала асасцәа ирзеиҭарҳәоит, иарбан маҭәарзаалак иамоу аҵакы атәы, уи рхы ишадырхәоз ҳабацәа, ҳабдуцәа.
"Аныҟәарақәа мҩаԥызгоишьҭеи, сара дсықәымшәацт азҿлымҳара аазмырԥшыз аӡәы. Даара интересс икны иазыӡырҩуеит иазҵаауеит амаҭәарқәа закәу, излыху, шаҟа шықәса рхыҵуа", - ҳәа иҳәоит аԥшәма Мурман Ԥкьын.
1 / 11
"Аԥсуа иашҭа" злаҩычоу аҵиаа иаҵәа иагәыларсоуп аԥсуаа ажәытә рыбзазара-нхаратә мыругақәа.
2 / 11
Ҭаацәарак ныҟәызгаз ауардын. Ауардын - аԥсуа инхара-чашәараҿ даара ицхыраагӡа дуун. Макьанагь иҟоуп зхы иазырхәо анхацәа.
3 / 11
Иахьа уарла-шәарла иуԥыло аеҳәа. Аҵла агәы ҭыцәааны иҟарҵон, ажь анырҭаалак аеҳәа иҭажьны иалагыланы ирхәахәон.
4 / 11
Ажәытә уанҭа. Аԥырӷ кәиц ҭаԥсаны идыршуан, нас амаҭәа алыруанҭон.
5 / 11
Асасцәа даара иџьашьаны иахәаԥшуеит ирбо ираҳауа.
6 / 11
Аԥсуа ажәытә инхара - икәаскьа, иԥацха. Аԥацха - иахьагьы аҭаацәа реизарҭа, рыкрыфарҭа, еснагь алҩаҵә ахьҩеиуа.
7 / 11
Араҟа аԥшәымара аанызкылаз аблаҭых, даҽакалагь арҵушҳам ҳәа изышьҭоу.
8 / 11
"Аԥсуа иашҭаҿ" ицәыргоу ҳабзазара аазырԥшуа амаҭәарқәа ируаку ауардын.
9 / 11
Аӡызлагара - ҳабдуцәа уи ала ирлагоз аџьықәреи иалҵуа ашыла агьама иаҳа ихаауп ҳәа ирыԥхьӡоит.
10 / 11
Акәтҵара - аԥсуа иашҭа еснагь аҩнытә ԥсаатәла иҭәын: акәты, ашәишәи, акәата. Асас данааилак иаразнак акы изыршьуан.
11 / 11
Асасцәа ҳабзазара дырдырра. Аԥшәма Мурман Ԥкьын асасцәа ирзеиҭаиҳәоит аԥсуа инхашьа - инҵышьа.