Месси Пеле иаԥигеит иҭаиршәыз ампылқәа рыла

Аргентина еизгоу акоманда акапитан Месси иреиӷьу ашьапылампыл асыҩ ҳәа дшьоуп. Иара фынтә ианаршьахьеит "Ахьтәы мпыл", "Ахьтәы бутса". "Барселона" Академиа дааӡаҩуп, аклуб "Пари Сен-Жермен" ажәылаҩ.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Аргентинатәи ашьапылампыл асыҩ Лионель Месси рекордсменхеит Алада Америкатәи атәыла ахьӡала иҭаиршәыз ампылқәа рыла ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Цәыббра 9 азы аргентина атурнир ЧМ-2022 ахәмаррақәа раан 3:0 ҳәа Боливиа акоманда иаиааит. Ампылқәа рыхԥагьы амба иҭаиршәит Месси.
34-лшықәса зхыҵуа аргентинауаҩ 79 мпыл ҭаиршәхьеит 153 хәмарра рҿы, амилаҭтә команда ахьӡала. Месси абри аҿы Пеле иаԥигеит, уи 77 мпыл Бразилиа ахьӡала иҭаиршәхьан.