Ҭырқәтәыла иалало 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рҟынтәи ПЦР-тестқәа рҭаххаӡом

Уаанӡа ПЦР-тест ада Ҭырқәтәыла алалара азин рыман фышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Уажәшьҭарнахыс Ҭырқәтәыла иалало 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рҟынтәи ПЦР-тестқәа ма антиген-тест рҭаххаӡом ҳәа аанацҳауеит АТОР асаит IATA адыррақәа шьаҭас иганы.
Афганистан, Бангладеш, Бразилиа, Египет, Индиа, Иран, Непал, Пакистан, Сингапур, Аладатәи Африка, Шри-Ланка, Британиа ду атәылақәа рыда Ҭырқәтәыла иалало егьырҭ ауааԥсыра ирымазароуп:
Атестқәа рымамзар рылшоит 12 шықәса рҟынӡа зхымҵыц ахәыҷқәа. Уаанӡа ари аҩыза азин рыман 6 шықәса рҟынӡа зхымҵыцыз ахәыҷқәа.
Иара убасгьы атест рымамзар рылшоит:
Аԥҟаррақәа амчра роуит цәыббра 4 азы. Ахархәара рымоуп цәыббра 30 рҟынӡа.