Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ламиеи, Қәираиеи, Кәыҵниаԥҳаи COVID аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы

Хымз раԥхьа алаҵа ҟазҵаз Зураб Ламиеи, ауаажәларратә палата алахәыла Едик Қәираиеи, Аҟәа ақалакь Синоп аҳаблаҿтәи аполиклиника амедиаҳәшьа еиҳабы Инга Кәыҵниаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы COVID аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы ргәаанагарақәа ртәы еибырҳәеит.
Sputnik
Алаҵа хымыз раԥхьа иҟазҵаз Зураб Ламиа еиҭеиҳәеит уи аус дшазааиз атәы.
"Алаҵа касҵар сҭахын, иҟасҵеит. Апункт аҿы еилыскааит сшоура халар, иҟасҵо. Алаҵа аныҟасҵа ашьҭахь хымш ааҵуаны, сарыхьҭышьуа салагеит. Сшоура гәасҭазар 37 аа-рӷазки ыҟан. Ахәшә анызжә ашьҭахь хәыҷык сааиқәтәеит. Убри нахыс акгьы схы иадсымбалацт. Амч исымац сымоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ломиа.
Ауаажәларратә палата алахәыла Едик Қәираиа иажәақәа рыла дыҟам ҳәынҭқарк алаҵа ҟаҵаны сыжәлар ықәызхыр зҭаху, авакцина ачымазара иаҿагыло ак акәны ишыҟоу адунеи аҿы аԥышәа иаҳнарбахьеит, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.