АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Ҭырқәтәылаҟа ԥсшьара ицар зҭаху, акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник Лайт" ҟазҵаз, урыстәылаа ПЦР-тестқәа арҭароуп ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит АТОР адиректор хада Ломиӡе.
Лара илҳәеит ассоциациа абри азы аофициалтә еилкаара ишаҳәаз Москва иҟоу Ҭырқәтәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
"Абри азҵаараҿы аилымкаарақәа ыҟоуп. Ҭырқәтәылаҟа ԥсшьара ицар зҭаху, акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник Лайт" ҟазҵаз урыстәылаа ПЦР-тестқәа арҭароуп ушьҭан еилибамкаарак ҟалар аасҭа ", - лҳәеит лара.
Атестқәа раҭара алшоит аҳаиртә баӷәазаҿы.
Убри аан урыстәылатәи атурист еилахәырақәа ргәаанаграла аӡынтәи аныҳәақәа раан Ҭырқәтәыла, Египет, ЕАЕ, иара убасгьы Мексикеи Доминиканеи атоп-ҭирақәа рҿы аԥыжәара роуеит.