Урыстәылаа аԥсҭазааразы еиҳа еиӷьуп ҳәа иршьо атәылақәа алырхит

Аҭҵаарақәа ирылахәын 3000 респондент 522 нхарҭа ҭыԥ рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik.  Анхаразы еиҳа еиӷьу атәылақәа ҳәа Урыстәылеи Еиду аштатқәеи алырхит урыстәылаа. Абри азы аҭҵаара мҩаԥнагеит SuperJob.
Ареспондентцәа азҵаара рырҭеит, акоронавирустә пандемиа ыҟамызҭгьы нхарҭа ҭыԥс иалырхуеи изҭаауа иарбан ҳәынҭқарроу ҳәа.
41% Урыстәыла алырхит ( 2010 шықәсазы 18%). Еиду Америкатәи Аштатқәа - 7%.
Канада, Италиа, Швеицариа - 4%.
Еиҳа аҭахратә занааҭ змоу: апрограммистцәа, HR-менеџьерцәа, аҳақьымцәа, амедеҳәшьцәа, анџьнырцәа, администраторцәа, аҭиҩцәа, аекономистцәа, арҵаҩцәа рҟынтә  реиҳараҩык Урыстәыла алырхит. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы аӡбахә ҳәан Америка.