WhatsApp аҿы афункциа ҿыц аусура иалагоит

Афункциа ҷыдоуп Apple рзы. Ари аҩыза афункциа Android-шьақәгылақәа ироуеит ҳәа адырра ыҟма.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Асмартфонқәа Apple рҟны абжьы атекст ахь аиагара алшо иҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит апортал WABetaInfo.
Абжьы аиҭакра онлаин режимала имҩаԥгалахоит иара ахархәаҩ ииҭаху аҭыԥ аналикаалак ашьҭахь.
Убри аан атекст WhatsApp адыррақәа рбазаҿы еиқәхоит.
Абжьылатә дыррақәа рзы аопциа абжьы адырра атехнологиа шьаҭас иамоуп.
Макьаназы афункциа бета-тестерқәа рҿоуп ахархәара ахьалшо, Android - шьақәгылақәа рыҟны ахархәара макьаназ иалацәажәом.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: