Арадио

Кәыҵниаԥҳа алаҵаҟаҵара иазкны: имаҷуп иҳадҵаало

Аҟәа Синоп аҳаблаҟны иҟоу аполиклиника амедеҳәшьа еиҳабы Инга Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ачымазараҿкы аҽацәыхьчаразы алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа, ирыдҵаало рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, насгьы уадаҩрас ирԥыло атәы.
Sputnik
Ачымазара ҿкы COVID -19 аҟынтәи алаҵа Аԥсны жә-нызқьҩык инарзынаԥшуа иҟарҵахьеит. Алаҵа еиԥшымкәа иазнеиуеит атәыла ауааԥсыра, иҟоуп уи иацәшәо мамзаргьы изҭахым аҟаҵара.
"Аԥхьа авакциана аҟаҵара ҳаналага, ҳәарада, ажәлар активла иаауан, иазҿлымҳан. Алаҵа аԥхьа зықәра ыҟоу иҟарҵозҭгьы, анаҩс аҿаргьы алагеит, аха уажәтәи "Спутник лаит" аҟаҵаразы иаҳа имаҷны иаауеит. Иҟалап уи аҭыԥқәа рацәаны иахьаарту иадҳәалазаргьы, аха алаҵа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа иагьа ирацәазаргьы иадҵаало шмаҷу здыруеит. Сгәаанаарала уи зыхҟьо аинтернет аҟны иҭагалоу ииашам аинформациа ауп. Иҟалалоит ԥаса зҽанызҵаз агәыр аҟаҵаразы ашьыжь мап аныркуа… Даара имаҷуп авакцина аҟаҵара иаауа", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.