"Иахьа Маҷарантәи ҳаԥсшьарҭа ҩны аҟынӡа 90 километра бжьоуп, амҩа даара имыҟәмабоуп, ицәгьоуп, хәба-фба сааҭ амҩа дықәуп атурист. Ирласны цашьа амаӡам, зны-зынла ҳгыланы ҳапшуп, ахаҳәқәа наҳгоит, аҵла ԥаҳҟоит, ихаҳҵәоит зҳәаз еиԥш. Амҩа даара ибааԥсуп, ҳара ҳамацара ҳамч ақәхом", - иҳәеит Маршьан.
Аицәажәара аудиофаил аҟны шәазыӡырҩыр шәылшоит.