"Аибашьра актәи амш инаркны ихы дамеигӡакәа иԥсадгьыл азы аџьабаа ибеит. Раԥхьа игәылацәа аҷқәынцәа еидкыланы Ӷәадеи Џьгьардеи рҳәааҟны Қьеҭуан аӡаҿы ахырӷәӷәарҭа еиҿикааит. Анаҩс абџьар аныҟала, агәыԥқәа анеиҿкааха, Аныуаа рхәы агараҿы ихы бзианы иааирԥшит. Ажәыларақәа жәпакы дрылахәын, иара убас Цагьера, Лабра, Аӡҩыбжьа аҭарцәра дрылахәын.
Ианар аказы дыиаргеит атыл еиҳабыс, аха уахь дшыиаргазгьы, ихы дамеигӡакәа, ажәыларахь шәанцо сныжьны шәымцан ҳәа, ихы агижьӡомызт. Укажьны акрыфара дцаӡомызт, уамакгьы иҳамааз, аха зегьы акрыфара ианааилатәоз, дыԥшуан, ӡәыр дынхама ҳәа. Амцхә иҳәаӡомызт иара, аха ииҳәоз амаҷгьы аума ԥнаҟон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сангәлиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.