Урыстәыла ахада акоронавирустә ҭагылазаашьазы ахыԥхьакрахь дцеит

Урыстәыла ахада коронавирус аҟынтә алаҵа "Спутник V" ааԥынразы иҟаиҵеит. Иара изныкымкәа иҳәахьан ацәеижьҿагылақәа ртитрқәа ҳаракуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин акоронавирустә ҭагылазаашьазы ахыԥхьакрахь дцеит, икәша-мыкәша иҟоу ачымазара здырбалаз ахьыҟоу иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
" Урыстәыла ахада Владимир Путини Ареспублика Таџьикистан ахада Емомали Рахмони ҭелла еицәажәеит. Владимир Путин икәша-мыкәша иҟоу ачымазара здырбалаз ахьыҟоу азы хыԥхьакра дышцаз иҳәеит", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Уаанӡа апаралимпиеццәа данырԥылоз иазгәеиҭахьан акоронавирус зыдбалоу шыҟоу, иаргьы ахыԥхьакра дцар шыҟало.
Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иазгәеиҭеит, Путин атест шеиҭаз, игәы шыбзиоу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: