COVID-19 ауаҩы ихәыцшьа анырра анаҭар ауеит ҳәа далацәажәеит аҳақьым

Акоронавирус зхызгаз ауаа рҟынтә ирацәаҩуп зкогнитивтә лшарақәа акыр илаҟәыз ҳәа азгәарҭоит аҳақьымцәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа зхызгаз рыхшыҩ еиҳа ишьшьылаҳаны аусура иалагар ҟалоит ахахьы ашьа назго адақәа рҽыԥсахра иахҟьаны ҳәа арадио Sputnik виазеиҭеиҳәеит аҳақьым-аневролог, амедицинатә блогер Александр Будик. 
Будик иажәақәа рыла, COVID-19 уи ашьҭахьтәи асиндроми ахшыбаҩ шьала аиқәыршәара еиларгоит, ашьагьы еиҳа ижәпахоит.
"Ҳхы адақәа ахшыбаҩ ахь инеиуеит аҵла амахәқәа реиԥш. COVID-19 аани аковидшьҭахьтә синдром аани арҭ адақәа  рҽеиҭаркуеит. Иҟоуп агәаанагара еиҳа ихадоу ахшыбаҩ ахәҭақәа рахь ашьалеира ԥкхоит ҳәа", - иҳәеит аҳақьым.
Будик иазгәеиҭеит ачымазара ашьҭахь хымԥада аҳақьымцәа ишрыдҵаалатәу.
Аамҭақәак рышьҭахь апациент иинтеллект хынҳәыр алшоит ҳәа, аха уи аҳақьым ихылаԥшра амазароуп.