Арадио

Ҭаркьылԥҳа ашколтә крыфарҭақәа русура ахацыркразы: аиндивидуалтә знеишьақәа ԥшаатәхоит

Ашколқәа рҿы афатәҟаҵарҭақәа русура шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Sputnik
"Аиԥылараҟны зҵаара хаданы иқәгылан, ҳазҭагылоу имариам аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны, ашколтә крыфарҭақәа русура ахацыркра. Иазгәаҳҭеит ашколқәа ҩымчыбжьатәи русура ишаанарԥшыз ашколтә крыфарҭақәа русура ахацыркра шхымԥадатәиу. Еиҳаракгьы уи ааԥшит ҩымшԥҵәактә рыла аус зуа ашколқәа рҟны. Даара иуадаҩуп иԥхоу фатәык ымфакәа 10-12 сааҭ аусура.
Убри аҟынтә школцыԥхьаӡа рзы аиндивидуалтә знеишьақәа ԥшаатәуп. Аҳҭнықалақь асанитартә ҳақьым хада иазгәалҭеит ашколтә крыфарҭақәа русура ахацыркра аҭакԥхықәра ду шацу, еиҳаракгьы ахәыҷы рацәа аҵара ахьырҵо ашколқәа рҟны.
Иацклаԥштәхоит урҭ акрыфарҭахь ианнеиуа рхыԥхьаӡара, аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәа аамҭеихшала еиҩыганы уахь рнеира. Ари амчыбжь аҩнуҵаҟа уи аусушьа атәы шьақәыргылахоит, ақалақь асанитартә ҳақьым хада уи аус адылулоит, уи ашьҭахь акрыфарҭақәа русура хацыркхоит. Школцыԥхьаӡа аҭаацәа ирыдгалахоит уи аусура иақәшәо ажәалагалақәа", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.