Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәарцхьиа сынтәа аџьықәреи аҽаҩра иазкны

Сынтәа аџьықәреи аҽаҩра зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
Sputnik
"Сынтәа Гәдоуҭа араион аџьықәреи азы ҩ-нызқь десҭын инарзынаԥшуа ицәаӷәан. Аџьықәреи аԥшасра, ахәацқәа, мыцхәы амра уҳәа иаԥырхагақәаз рацәан, аха ицәгьам. Уамакала ибзиоуп ҳҳәом, аха ицәгьамкәа аарыхра ыҟоуп. Ҩ-нызқьи хәышә х-нызқь тонна рҟынӡа аџьықәреи ҟалап ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Ҵыԥх аҽаҩра хаҭабзиаралагьы хыԥхьаӡаралагьы иаҳа еиӷьын.