Аԥсны ахаԥраара: иаатит апарашиуттә спорт еицлабрақәа

Бабышьра аҳаир баӷәазаҿ асабша цәыббра 18 рзы иаатыит жәларбжьаратәи апарашиуттә спорт азы аицлабрақәа.
Sputnik
Апарашиуттә спорт азы Асовет Еидгыла аветеранцәеи, аибашьратә хҭысқәа рветеранцәеи, Урыстәыла аҳаиртә парашиутистцәеи рыбжьара ҩажәи хԥантәуп аицлабрақәа мҩаԥысуеижьҭеи.
Аицлабрақәа ирылаҳәуп 50-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәыла, Белоруссиа, Казахстан рҟынтәи апарашутистцәа. Ачемпионат аӡбаҩ хада Анатоли Сырныч ишиҳәаз ала иазгәаҭан Молдавиантәи Прибалтикантәи асасцәа раара, аха апандемиа иахҟьаны изымааит. Цәыббра 21 рзы Аҟәа ақалақь Аиааира ашҭаҿ имҩаԥгахоит ачемпионат ахыркәшара.
"Афинал аҟны иқәгылоит зегь иреиӷьхо апарашиутистцәа. Зынӡа х-хәҭакны еихшахоит. Амшқәа бзиахар аԥара азгәаҭоуп Тҟәарчал", - ҳәа азгәеиҭеит аӡбаҩ хада.
Сынтәа ари аицлабра раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәуеит Аԥсны еиҿкаау акоманда, уи ӡырнагоит ҩышықәса раԥхьа еиҿкааз аекстремалтә клуб "Skycom”
Аԥснытәи акоманда акапитан Светлана Илина илҳәеит, ачемпионат аҟны Аԥсны раԥхьаӡакәны ишалахәхо, убри аҟнытә рҭакԥхықәрагь шыҳараку. Аспортсменцәа рақәзар ирылшо зегь шыҟарҵо алҵшәа бзиақәа аарԥшразы.
1 / 16
Аԥсны, Урыстәыла, Белоруссиа, Казахстан ркомандақәа алахәуп Аԥсны иаатыз апарашиутистә спорт аветеранцәа реицлабра.
2 / 16
Аицлабра рхы аладырхәит жәа-гәыԥк, 50-ҩык ауаа злахәу.
3 / 16
Раԥхьатәи амш азын Бабышьратәи аҳаирбаӷәазаҿы аицлабра иалахәыз гхада зықьметра ажәҩан аҟынтәи адгьыл аҟны ииашаны итәар акәын.
4 / 16
Аӡбаҩ хада Анатоли Сырныч апарашиутистцәа дрыцклаԥшуеит.
5 / 16
Аӡбаҩцәа ачемпионат алахәылаҩцәа раԥхьатәи рылҵшәақәа ахә ршьоит.
6 / 16
Аспортсменцәа ргәаанагарала, амш маншәалахеит аԥаразы.
7 / 16
Урыстәылатәи акоманда алахәылацәа ртәара.
8 / 16
Апарашиутистцәа рықәҿиара еидеибаныҳәалоит.
9 / 16
Ачемпионат алахәылаҩцәа аԥышәа змоу, акырынтә ажәҩан ахьынтә иԥахьоу роуп.
10 / 16
Сынтәа ари аицлабра раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит Аԥсны еиҿкаау акоманда, уи ӡырнагоит ҩышықәса раԥхьа еиҿкааз аекстремалтә клуб "Skycom”.
11 / 16
После прыжка парашютисты собирают снаряжения.
12 / 16
Амш бзиахар, ргәы иҭоуп Ҭҟәарчал ақалақь аҟны аицлабра амҩаԥгара.
13 / 16
Аспортсменцәа рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аҳәсагьы.
14 / 16
Асовет Еидгыла апарашиуттә спорт аветеранцәеи, аибашьратә хҭысқәа рветеранцәеи, урыстәыла аҳаиртә парашиутистцәеи рыбжьара аицлабра ҩажәи хԥантәуп имҩаԥысуеижьҭеи.
15 / 16
Аиҿкааҩцәа иазгәаҭан ирыман Молдавиантәи Прибалтикантәи акомандақәа раара, аха апандемиа иахҟьаны изымааит.
16 / 16
Цәыббра 21 рзы Аҟәа ақалақь Аиааира ашҭаҿ имҩаԥгахоит ачемпионат ахыркәшара.