Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба рыҟны ашьыжь асааҭ 8:00 рзы ашәқәа аадыртит. Мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартуп Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу.
"Исгәамԥхаз ала салагоит. Амҩан сахьцоз, сгәылацәа аӡәык-ҩыџьак избоз, са сықәлацәа, ирыздырӡомызт алхрақәа шыҟаз. Сара соуп иразҳәаз. Убри сгәамԥхеит. Дара рхаҭагьы ирҳәеит ишырмаҳаз атәы. Алхырҭатә ҭыԥ аҿы ауаа маҷӡамызт. Амилициа аусзуҩцәа гылан.
Аҩналарҭеи аҩныҵырҭеи хазын, аковид ԥҟарақәа инарықәыршәаны. Акыдҩылақәа зегьы адәахьы иҟоуп, ауаҩы днеины дахәаԥшыр ауеит. Аҩнуҵҟа ауаа еилаҳауа иҟаӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Манаргиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.