Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Зеҭба Баслаҭа аӡлагара аргылара иазкны

Баслаҭа ақыҭа ахада Родик Зеҭба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы аӡлагара аҟамзаара иахҟьаны анхаҩцәа ирымаз ауадаҩрақәеи уи аргыларазы ицу аусурақәа ртәыи.
Sputnik
"Ақыҭа ӡлагарада иҟамыижьҭеи акрааҵуеит. Ажәытәтәи аӡлагара ыҟан, аха уи ацхыраара амаиут уи аҟара. Насгьы иара ахьгылаз аҭыԥгьы маншәаламызт. Ақыҭа ауааԥсыра аарыхра ҟарҵоит, ари ақыҭа дууп. Дара рыԥш кны аӡлагарақәа ирышьҭоуп. Иҳаргыло ажәытә ӡлагароуп, алу ала еиқәыршәаны, афымцатә цәаҳәа аматор арҵәиуеит, егьи ахаҳә иалагоит. Иахьала аӡлагара ҳхыбхьеит. Иаанхаз аҩнуҵҟатәи аусқәа роуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Зеҭба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.