Урыстәыла алхырҭатә комиссиақәа рхантәаҩцәа хҩык аԥаршеи ус азы рнапынҵақәа ирымхуп

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара сынтәа имҩаԥысуан цәыббра 17 - 19 рзы Урыстәыла ААК ақәҵара инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Урыстәыла алхырҭатә комиссиақәа рхантәаҩцәа абиуллитенқәа ԥаршеины рҭаршәра ахьалдыршаз азы рнапынҵақәа ирымхуп, ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла АКХ аиҳабы Елла Памфилова лажәақәа шьаҭас иганы.
Рмаҵзурақәа ирымырхит Адыгеиеи, Бриансктәии Кемеровотәии аобластқәа рҟны АКХқәа реиҳабацәа.
Иарбоу арегионқәа рҿы еиԥш аилагарақәа аарԥшын Ивановтәи, Москватәи, Саратовтәи аобластқәа рҿы.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥысуан цәыббра 17-19 рзы. Аҳәынҭқарратә Дума хәышықәса ҳәа иалырхуеит еилаԥсоу алхратә системала: 225 депутат апартиатә сиақәа рыла, 225 депутат – мандатктәи аокругқәа рыла.