Пермтәи ауниверситет аҿы ахысра иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара еилкаахеит

Пермтәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә университет аҵакыраҿы ауниверситет астудент аҵаратә корпус аҿы ахысра далагеит. Астудентцәа рыԥсы еиқәдырхарц аԥенџьырқәа рҟынтәи иԥон.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа рыла фҩык ҭахеит, 24-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла.
Путин Пермь иҟалаз арыцҳараз адышшылара ҟаиҵеит
"Амедицинатә рыцҳарақәа рфедералтә центр ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа рыла Пермтәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә университет аҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны фҩык ҭахеит, 24-ҩык ахәрақәа роуит ", - аҳәоит адырраҭара.
Заанаҵтәи иҟаз адыррақәа рыла ааҩык ҭахеит, ҩеижәаҩык ахәрақәа роуит.
Москвантәи Пермҟа инашьҭуп ҷыдала еибыҭоу аҳаирплан: анестезиолог-реаниматологцәа, ахирургцәа, атравматологцәа ацны.
Ахысра ҟазҵаз даанкылоуп. Иара ихаҭагьы дхәуп. Аусҭҵаара аматериалқәа реизгара иаҿуп. Уажәазы идыруп абџьар закәаншьаҭала ишимаз. Ашьаус хацыркуп.
Ауниверситет аҿы иҟалаз ахҭыс ашьҭахь ааигәа-сигәа иҟоу ашколқәа, атехникумқәа, аколлеџьқәа рҿы аҵаратә процесс аанкылоуп, ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рыдкылоуп.
Ааха зауыз ацхыраара рыҭахоит. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҭахаз рҭаацәа дрыдашшылоит.