Сергеи Мениаило Нхыҵ Уаԥстәыла ахадас далхуп

Нхыҵ Уаԥстәыла ахадас иқәгылан х-кандидатк. Акандидатурақәа Урыстәыла ахада Владимир Путин апарламент ахь ирыдигалеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Нхыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь адепутатцәа ареспублика ахадас далырхит Сергеи Мениаило, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Апарламент ахантәаҩы Алексеи Мачнев иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Нхыҵ Уаԥстәыла ахадас иқәгылан х-кандидатк. Акандидатурақәа Урыстәыла ахада Владимир Путин апарламент ахь ирыдигалеит:
Маӡалатәи абжьыҭара иалахәын 59-ҩык адепутатцәа.
Сергеи Мениаило мшаԥы 9 раахыс Виачеслав Битаров инапынҵақәа неигӡон.
Мениаило диит 1960 шықәсазы ақалақь Алагир аҿы. 2014-2016 шықәсқәа рзы Севастополь агубернатор инапынҵақәа неигӡон. 2016 шықәсазы атәыла ахада ихаҭарнакс дыҟан Сибратәи афедералтә округ аҿы.