Арадио

Аҩӡба Даур Латариа изы: ахаҵареи агәымшәареи игмызт, иԥсадгьыл бзиа ибон

Сынтәа Аиааира амшныҳәа дзахьымӡеит Леон иорден занашьаз, ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥшьаҭыԥ" ацхантәаҩы Даур Латариа. Ихьуаз ачымазара иахҟьаны иара цәыббра 20 рзы идунеи иԥсахит. Арадио Sputnik аефир аҿы Даур дигәалаиршәеит аибашьра аветеран, қыҭак ицалҵыз Беслан Аҩӡба.
Sputnik
"Даур иԥсҭазаара иалҵра гәалсрала иҳадаҳкылеит. Иара иҿырԥшыгаз уаҩын. Аибашьраан Мрагыларатәи афронт ахь дыҟан, иџьабаақәа даара ирацәоуп, деибашьуан Аҭара ақыҭан, агәымшәара, ахаҵара ааирԥшит. Аҩбатәи абаталион аҟны иареи сареи ҳаиқәшәеит. Ҳбаталион хықәкыс иаман (Аҟәа ахақәиҭтәраан - азгә.) "Шьараҭынаа" иҭадырцәыз афуникулиор аанкылара, аӷа инапахьы инеимгарц азы. Хахеи ԥшьымши убра ҳтәан. Изныкымкәа аӷа ажәыларақәа мҩаԥигахьан. Даур ихы-игәы дамеигӡакәа аԥхьа игылаз иоуп. Аибашьраан аконтузиақәа иман, уи иахҟьаны иблақәа цеит",- иҳәеит Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Даур Латариа Аҟәа ахақәиҭҭәра иазкны: знык аҩнынӡа ҳнаӡандаз ҳәа ҳагәжәажәон
Латариа дазааҭгылеит адинхаҵара иадҳәалоу ауаажәлар ирызцәырҵуа азҵаарақәа