Аԥсны имҩаԥысуаз алхрақәа раан "Иаку Урыстәыла" аиааира агеит

Цәыббра 19 азы Аԥсны имҩаԥысит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа. Ареспублика аҵакыраҿы иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба, урҭ рҟынтәи ҩба аҳҭнықалақь аҿы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Афедералтә алхырҭатә округқәа рҟны "Иаку Урыстәыла" аиааира агеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа.
Аԥсны иаартыз алхырҭатә ҭыԥқәа жәба рҿы иааизакны рыбжьы арҭеит 14549-ҩык.
Мандатктәи алхырҭатә округқәа рҿы аиааира ргеит акандидатцәа: Иу.И. Григорьев, А.В. Гордеев, А.Е. Хинштеин, С.С.Журова.
Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны амчрақәа, амилициа аусзуҩцәа, ашколқәеи акультура аханқәеи русзуҩцәа ҭабуп ҳәа рарҳәоит алхрақәа реиҿкаашьазы.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раԥхьаӡа акәны хымш имҩаԥысуан - цәыббра 17-19 рзы. Атәылаҿы абжьыҭара анеира 51 процент инаӡеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рыҽрыладырхәит жәаха нызқьҩык ауааԥсыра
Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рылҵшәақәа еихыршьалеит