АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Урыстәыла Алхратә комиссиа хада 100 процентк аԥкаанҵақәа аус рыдырулеит, иагьышьақәнаргылеит апартиа "Иаку Урыстәыла" 49,82% бжьы аманы аԥыжәара шагаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп КПРФ – 18,93%, ахԥатәи аҭыԥ аҿы ЛДПР – 7,55%.
Аԥхьатәиқәа ахәба ирылоуп апартиа "Ииашоу Урыстәыла – аиашаразы" (7,46%), "Иҿыцу ауаа" (5,32%).
Абас ала Афедералтә округқәа рыла Адумахь инеит хә-партиак.
Мандатк змоу аокругқәа рҟынтәи Адумахь инеит быжь-партиаки зхала зхы ықәзыргылақәази.
Араҟагьы "Иаку Урыстәыла" 198 округ рҿы аԥыжәара ргеит, КПРФ – 9 рҿы, "Ииашоу Урыстәыла – аиашаразы" – 8 рҿы, ЛДПР – 2 рҿы, апартиақәа "Аԥсадгьыл", "Аграждантә платформа", Аизҳара апартиа – акака рҿы.
Мандатк змоу аокругқәа рҿы зхала зхы ықәзыргылаз рҟынтәи иалхуп: Москва (аԥшаара-еиқәырхаратә отриад "Лиза Алерт" акоординатор Олег Леонов, ателемҩаԥгаҩы Анатоли Вассерман, актиор Дмитри Певцов), Адыгеиа (Владислав Резник), Ҟрым (Леонид Бабашов).
Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥысуан цәыббра 17-19 рзы. Зыбжьы азҭаз рхыԥхьаӡара 51 процент ыҟан.
Алхрақәа ирылахәын Урыстәыла атәылауаҩра змоу 13 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыреи жәеизанызқьҩык Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыреи.